Иарбанзаалак амчылара ҳақәыӡбоит, — ажурналистцәа раиҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Леван Маҷаравариани.
Леван Маҷаравариани иажәақәа рыла, аинцидент азакәанхьчаҩцәа рҟынтә ақәҿыҭра аиуеит.
“Сареи сгәыԥи амчылара ҳақәыӡбоит. Арҭ ақәыԥшцәа изусҭцәадаз сыздырӡом, аха аинцидент азакәанхьчаҩцәа рҟынтә хымԥада ақәҿыҭра шаиуа агәра згоит”, – иҳәеит Маҷавариани.
Иацы, хәылбыҽхан Қарҭ иҟоу апартиа “Амилаҭтә ҵысра” ацентртә офис иақәлеит.