Леван Иоселиани  Ҷиатура азабастовка мҩаҧызго ашахтиорцәа дырҧылеит
Леван Иоселиани  Ҷиатура азабастовка мҩаҧызго ашахтиорцәа дырҧылеит

Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани  Ҷиатура азабастовка мҩаҧызго ашахтиорцәа дырҧылеит.

Леван Иоселиани аҭыҧаҿ аҭагылазаашьа гәаҭаны, амитинг алахәылацәа рыҳәарақәа еиликааит.

Жәлар рыхьчаҩ ишиҳәаз ала,  амитинг алахәылацәа ирадикалцәам, дара ахьаҵра иазыхиоуп, аха, егьи аган аҟынтәгьы абри аҩызаҵәҟьа ашьаҿа иаҳәоит.

Жәамш ҵуеит Ҷиатура ашахтиорцәа мҩаҧыргоижьҭеи. Дара аџьаусҧса рзацҵареи, аусуратә ҭагылазаашьақәа реиҕьәтәреи, аџьаус ашәарҭадара анормақәа рыхьчареи, асанитартә-гигиенатә ҭагылазаашьақәа реиҕьтәеи  иаҳәоит. Азабастовка алахәылацәеи аусураҭаҩцәеи макьана изеиқәшаҳаҭымхеит. Акциа иалахәы рҟынтә ҧшьҩык амлашьра иалагеит.