Леван Иоселиани Киев аиҧыларақәа мҩаҧигоит ҧхынҷкәын  7-8 рзы
Леван Иоселиани Киев аиҧыларақәа мҩаҧигоит ҧхынҷкәын  7-8 рзы

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани, ҧхынҷкәын  7-8 рзы Киев аофициалтә визит мҩаҧигоит. Иара Украина апарламенттә омбудсмен Дмитри Лубинец диҧылоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Жәлар рыхьчаҩ иаппарат.

Аппарат адыррала, жәлар рыхьчаҩ Киев имҩаҧысуа, ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку жәларбжьаратәи аконференциа ихы алаирхәоит. Аконференциаҿы Украинеи Европеи имҩаҧысуа ахҭысқәеи украина-урыстәылатәи еибашьра алҵшәақәа раҧыхразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аҵаки иалацәажәоит.