Леван Иоселиани – Игры ацҳа ҳахысны, Аҧсны иқәынхо ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара ҳаналагаша аамҭа сахаанхап  ҳәа сгәыҕуеит
Леван Иоселиани – Игры ацҳа ҳахысны, Аҧсны иқәынхо ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара ҳаналагаша аамҭа сахаанхап  ҳәа сгәыҕуеит

 

Аҟәа акаҳара амш инамаданы, Жәлар рыхьчаҩ  Леван Иоселиании иаппарат ахаҭарнакцәеи Игры ацҳашҟа инеит. Жәлар рыхьчаҩ Евроеидгыла Амониторинг амиссиа ааахаҭарнакцәеи Аҧснынтә ахҵәацәеи дырҧылеит.

«Иахьа ҳҭоурыхаҿ арыцҳаратә мшуп, Аҟәа акаҳара мшуп.   Аамҭакала, ҳаҧхьаҟа ари амш иҳнарҵаша рацәоуп. Раҧхьа иргыланы, ҳареи аҧсуааи, ҳареи ауаҧсааи  ҳшеицынхаша ҳазхәыцроуп.   Сгәы ишаанаго ала, убри азыҳәан мҩазаҵәык ауп иҟоу  , — аҭынчреи аибашьра ахьыҟам ақәыҧшылареи.  Убри аҟынтә, иахьа, Жәлар рыхьчара иаҳасабала, ирасҳәар сҭахуп  дареи ҳареи ҳаицынхаразы аформа заҵәык ауп иҟоу,  аҭынчреи, аҭынчратә лагылазаараҿы ҳаизыҟазаашьақәа рынагӡареи.   Аҭынчра ахьыҟам, уаҟа ауаҩы изинқәагьы иҟам.   Игры ацҳа ҳахысны, Аҧсны иқәынхо ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара ҳаналагаша аамҭа сахаанхап ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Жәлар рыхьчаҩ.