Леван Иоселиани – Ажурналистцәа рхы иақәиҭны рус ҟарҵаратәы алшара рымазароуп, русураҿы рҧырхагахара ацәгьауроуп,  аганқәа зегьы даҽазнык ирыбжьазгоит уи еиҧш ак ҟарымҵарц
Леван Иоселиани – Ажурналистцәа рхы иақәиҭны рус ҟарҵаратәы алшара рымазароуп, русураҿы рҧырхагахара ацәгьауроуп,  аганқәа зегьы даҽазнык ирыбжьазгоит уи еиҧш ак ҟарымҵарц

«Иарбанзаалак ателеканал  – Ауаажәларратә дырраҭара ма даҽа телееилахәырак аусура аҽалагалара ҟалом.  Ажурналистцәа рхы иақәиҭны рус ҟарҵаратәы алшара рымазароуп, русураҿы рҧырхагахара ацәгьауроуп,  аганқәа зегьы даҽазнык ирыбжьазгоит уи еиҧш ак ҟарымҵарц», – иҳәеит Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ  Леван Иоселиани.

Иара даҽазнык аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит АИХқәа рхаҭарнакцәа рус анагӡара алшара рырҭарц.

«Сара ацәымҕратә бызшәа иааҧҵәаны сақәыӡбоит. АИХқәа русура аӡәы даҧырхагахар ҟалом. Ҳара аполиаризациа ду ахьыҟоу ауаажәларраҿы ҳанхоит, араҟа АИХқәагьы аполиаризациа иалахәып. Азакәани Аконституциеи инақәыршәаны, ҳара аганқәа зегьы агәаанагара аарҧшразы ирымоу ахақәиҭра пату ақәҵара иаҳуалуп», – иҳәеит  Леван Иоселиани.