Леван Иоселиани – Атәылаҿ аиҿагылара ишәарҭоу аҩаӡаранӡа инеит, раҧхьа иргыланы, аиҳабыра роуп уи азы аҭак зыҧхықәу, аха, АИХқәагьы ароль ҷыда нарыгӡоит
«Атәылаҿы аполиаризациеи аиҿагылареи ишәарҭоу аҩаӡаранӡа инеит, Қырҭтәыла хәыҷуп, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы аиҿагылара аусхкқәа зегьы ирыдкьыслоит. Раҧхьа иргыланы, аиҳабыра роуп уи азы аҭак зыҧхықәу, аха, ауаажәларратә гәаанагара ашьақәыргылара иацхраауа АИХқәагьы ароль ҷыда нарыгӡоит», — иҳәеит Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани.
Аомбудсмен ишиҳәаз ала, Жәлар рыхьчаҩ ихаҭарнакацәа Ника Гварамиеи, Гела Хасаиеи, Зураб Даҭунашвилии, иаанкылоу егьырҭ ауааҧсыреи рбеит.
«Ники Гварамиа ишиҳәо ала, иара закәандарала даанкылан. Данааныркылоз иацәҳауан, дырпҟон. Сара изныкымкәа исҳәахьеит азинхьчаҩцәа ауаа раанкылараан рхы иадырхәо аметодқәа сшаргәамҵуа», — иҳәеит Иоселиани.
Леван Иоселиани иацы иаанкылаз Алеко Елисашвилигьы дибеит.