Леван Иоселиани – Ацәымӷара ажәақәа  ахақәиҭра аадырԥшуамызт, ахаангьы ирзаарԥшуам
Леван Иоселиани – Ацәымӷара ажәақәа ахақәиҭра аадырԥшуамызт, ахаангьы ирзаарԥшуам

Гәыԥҩык ауаа сареи аппарат аусуҩцәеи рықәыӷәӷәаразы ацәымӷратә бызшәа, ацәҳәаратә жәақәа рхы иадырхәоит, аха ари ирылшом, – иҳәеит Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани Қырҭтәыла Актәи акнал адырраҭараҿ “Иактуалу тема Мака Цинцаӡе лҟны”.

Леван Иоселиани иажәақәа рыла, ари зегьы иахәамԥшыкәа,  иара ауаа зегьы рыхьчаҩ иоуп, урҭ ауадаҩра иҭагылазар, зегьы дырзыӡырҩыр дазыхиоуп.

Адырраҭараҿ Леван Иоселиани алхрақәа реилахәара иазкыз ахарадҵа ашьҭахь иара иганахьала аҭыԥ змаз ақәмақаррақәа дрыхцәажәеит.

Ажурналист Мзиа Амаӷлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа иазкыз азҵаара иаҭакны Жәлар рыхьчаҩ ишазгәеиҭаз ала, иара Амаӷлобели дахьҭаку апенитенциартә усҳәарҭаҿ дыҟан, аха лгәабзиара ахцәажәара зин имам.

Адырраҭараҿ Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани ишазгәеиҭаз ала, аобмудсмен иаппарат аусуҩцәа абаандаҩцәа зегьы русқәа ҷыдала ҭырҵаауеит.