Леван Иоселиани – Аоппозициатә партиақәа зегьы Украинаҟа адәықәлара иазыхиоуп
««Ақырҭуа гәахәтәы» ирымоу алшара рхы иамырхәакәа, аоппозициаа Бучаҟа имҩаҧыргараны иҟоу апарламенттә визит рҽаладмырхәыр, уи рыцҳахоит», — иҳәеит апартиа «Моқалақееби» алахәыла Леван Иоселиани.
Иара иажәақәа рыла, авизит аполитикатә усхәаҧштә иазкым.
«Ҳара ҳрыдашшыларц азоуп уахь ҳазцо, ҳвизит изакәызаалак политикатә усхәаҧштә иазкым. Анапхгаратә партиагьы абри авизит иалахәхәоит ҳәа сгәыҕуеит. Иахьазы ақырҭуа-украинатә еизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҧсыҽуп, уи ҳаиҳабырагьы ирхароуп, ари аҭагылазаашьа ириашатәуп.
Ҳазну амчыбжь азы адетальқәа зегьы ҳрылацәажәаны, ҳанцаша арыцхә азы ҳаиқәшаҳаҭхоит. Ҳара, хымҧада, Украинаҟа ҳнеины, аукраин жәлари Украина аиҳабыреи ҳрыдашшылоит», — иҳәеит Леван Иоселиани.