Леван Иоселиани аиҳабыра радминистрациа аҧхьа имҩаҧысуа амитинг алахәылацәа дырҧылеит
Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани ахондроплазиа ачымазара змоу ахәыҷқәа рҭаацәа аиҳабыра радминистрациа аҧхьа дырҧылеит.
Леван Иоселиани ишиҳәаз ала, агәабзиарахьчара аминистрра инаваргыланы, Жәлар рыхьчаҩгьы ахәыҷқәа рпроблема аӡбаразы аусуратә гәыҧ аусура далахәып.
«Ҳәарада, Жәлар рыхьчаҩ иаппарат аимпорти, ахәшә ахаҭабзиареи, уи ахархәара алҵшәеи азы аҭакҧхықәра ахы изаднаҵом. Ҳара арҭ ауааи ари азҵаара знапы иану ауааҧсыреи реимадара ҳацхраауеит. Ари апроцессаҿ аҭаацәа дрыдгылоит. Политикцәақәак исзасит, аха, сара ирасҳәеит аполитикцәа срыцны амитингахь сшымцоз, избанзар аполитикцәа дара рхықәкы рымоуп, Жәлар рыхьчаҩ даҽа хықәкык имоуп. Убри аҟынтә, ҳара, ҳмандат аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳхы мҩаҧаагоит. Сара ахәыҷқәа ринтересқәа рыхьчаразы иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо аҭаацәа ирасҳәарц азоуп абрахь сзааиз“, — иҳәеит Леван Иоселиани.