Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвили китаитәи авиаеилахәырақәа – Hainan Airlines, Capital Airlines, Sichuan Airlines рхаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аиԥылараҿ актәи вице-аԥыза Қырҭтәыла авиациатә хырхарҭаҿ иҟоу атенденциа ҿыцқәа дрылацәажәеит. Аминистр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла еиуырдыруа атуристтә хырхарҭоуп, ари атәылауаҩратә авиациа аҿиара аус азы ихырҳагоу фактуп. Қырҭтәыла аус руеит 60 иреиҳаны авиаеилахәырақәа, 30 тәылақәа рхырхарҭала инагӡоит 100 иреиҳаны ареисқәа.
Леван Давиҭашвили ишазгәеиҭаз ала, иахьазы China Southern Airlines есымшатәи ареисқәа Қарҭ-Урумчи ахырхарҭала нанагӡоит. ҭагалан азы ақырҭуа авиа џьармыкьаҿ ицәырҵуеит Air China, апланқәа ирылшру Пекини Қарҭи рыбжьара ишиашоу ареисқәа рынагӡара.