Леван Давиҭашвили Кишиниов имҩаҧысуаз Қырҭтәыла-Молдоватәи аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара ихы алаирхәит
Қырҭтәыла акономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили Кишиниов имҩаҧысуаз Қырҭтәыла-Молдоватәи аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара ихы алаирхәит.
Аилатәара анапхгара арҭоит Леван Давиҭашвилии Молдова аекономикатә аҿиара аминистр Димитру Алаибеи.
«Хара имгакәа ҳтәылақәа европатәи аҭаацәара иалалап ҳәа сгәыҕуеит. Иахьатәи ҳаиҧылара ҳаиҩызара арҕәҕәеит, уи ҳусеицура арҕәҕәара иацхраауеит», — иҳәеит Леван Давиҭашвили.
Қырҭтәыла-Молдоватәи аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа анеҩстәи аилатәара Қарҭ имҩаҧысуеит.