Леван Давиҭашвили ицынхәрас аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр иҭыҧ ааникылеит Оҭар Шамугиа
Леван Давиҭашвили ицынхәрас аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр иҭыҧ ааникылеит Оҭар Шамугиа.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ари атәы ааицҳаит аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Леван Давиҭашвили Қырҭтәыла аекономика аминистрра дахагылоит.
«Оҭар Шамугиа — Аҧсны далҵит. Иара Аҟәа диит, Аҟәа изҳаит, Аҟәа ашкол далгеит, нас, Жәыргьыҭи Қарҭи анхара иқәшәеит, ишырҳәо еиҧш, намысла иусура абзоурала аминистр иҭыҧ аҟынӡа дхалеит. Оҭар ари аминистрраҿы 16 шықәса аус иуан. Ақыҭанхамҩа иаҭаху зегьы идыруеит, агәра ганы сыҟоуп аминистр иаҳасабала қәҿиарала аус шиуа. Ҳминистрцәа даҽазнык ирыдҳәаланы, ақәҿирақәа рзеиҕьасшьоит. Аекономика аҿиареи, аҕарра алҵреи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи – абри ауп ҳара ҳықәкыс иҳамоу. Ари ахырхарҭала аекономикатә гәыҧ активла аус рыцызуеит, иааиуа амшқәа рзы ҳуааҧсыра имаҷымкәа аиҭакрақәа рыдаагалоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Леван Давиҭашвили Қырҭтәыла ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟан 2016 шықәса цәыббра 9 инаркны 2017 шықәса ҧхынҷкәын 15-нӡа, анеҩс, 2017 шықәса ҧхынҷкәын 15 инаркны иахьанӡа Қырҭтәыла аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр иҭыҧ ааникылон. Иара убас, Леван Давиҭашвили авице-аҧызасгьы дыҟан, Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Давиҭашвили ари аҭыҧ изаанхоит.