Леван Давиҭашвили Робин Данниган дылҧылеит, аганқәа рхаҭарнакцәа Америка администрациа ҿыц рҟны аекономикатә усеицура аперспективақәа ирылацәажәеит
Қырҭтәыла актәи авице-аҧыза Леван Давиҭашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган дылҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Америка администрациа ҿыц рҟны аекономикатә усеицура аперспективақәа ирылацәажәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырәтәыла Аекономика аминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, аиҧылараҿы Леван Давиҭашвили аҩ-ганк рзы зҵакы дуу Қырҭтәыла аекономикатә приоритетқәа дрылацәажәеит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Америка администрациа ҿыц рзы аҧыжәара змоу аекономикатә зҵаарақәеи, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицуреи иалацәажәеит. Арҭ аусхкқәа иреиуп аинновациақәеи атехнологиақәеи, ахәаахәҭреи, атранспорти, алогистикеи, Абжьаратә корридори, аинвестициақәа рыдаҧхьалареи, иара убас, аенергетикатә сектор аҿы аусеицуреи.
«Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, сынтәа Сан-Франциско Қырҭтәыла анҭыҵ раҧхьатәи атехнологиатә центр аҧҵара ргәы иҭоуп. Уи хықәкыс иамазаауеит ақырҭуа стартап-еилахәырақәа рыдгылареи адунеитә џьармыкьақәа рахь аҭыҵреи, иара убас, аглобалтә технологиатә еилахәырақәеи аҳәаанырцәтәи афондқәеи ақырҭуа аинновациатә екосистемахь рызҿлымҳара аиқәыршәареи. Робин Данниган ишылҳәаз ала, Америка ацҳаражәҳәарҭа активла ари апроект иадгылоит.
Иара убас, Аекономика аминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рыбжьара имҩаҧысуа ахәаахәҭратә миссиақәа рыдгылара азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит», — иануп Аекономика аминистрра аинформациаҿы.