Леван Давиҭашвили - Евроеидгылашҟа ҳалалара апроцесс иадҳәаланы аспекулиациақәа рацәоуп, аха, ҳполитикаҿы ареалтә аиҭакрақәа ҟамлеит
Евроеидгылашҟа ҳалалара апроцесс иадҳәаланы аспекулиациақәа рацәоуп, аха, ҳполитикаҿы ареалтә аиҭакрақәа ҟамлеит, – иҳәеит Қырҭтәыла актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили „Еврониус“ аинтервиу аҿы..
„Ҳара аполитика заҵәык ҳамоуп, уи аиҳабыра аофициалла ишьақәдырҕәҕәаз аинтеграциа аусхәаҧштә ауп. Аиҳабыратә институтқәа зегьы, аминистррақәеи агентрақәеи русура ари аусхәаҧштә анагӡара иазкуп“, – иҳәеит Леван Давиҭашвили.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аминистрреи Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭра аусхәаҧштә анагӡара иахылаҧшуеит.
„Ҳара аҳәарақәа рҟынтә 60% наҳагӡахьеит. Аекономика аусхкы аҿы активла ареформақәа мҩаҧаагоит. Ҳара DCFTA аҳәарақәа рынагӡареи аинтеграциа аполитикеи ҳақәныҟәоит. Аргама ааҳацҳаит 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгыла алалара хықәкыс ишҳамоу. Ари апроцесс аамҭа шаҭаху аадыруеит, аха, зҵакы дуу ареформақәа рымҩаҧгара наҳагӡоит, ари ахырхарҭала активла аус аауеит“, – иҳәеит актәи авице-аҧыза.