Актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили EBRD адиректор Тамаш Вожниц диҧылеит.
Аиҧылара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыҧуаа Вахтанг Цинцаӡеи Иракли Надареишвилии.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылаҿы EBRD аусура аҧыжәарақәеи аганқәа еицынарыгӡо апроектқәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ари абанк атәылаҿ идуӡӡоу аинвесторцәа иреиуп, Қырҭтәыла хазхаҭалатәи асектор иацхраауеит жәларбжьаратәи аџьармыкьақәа рҿы аконкуренциалшара аизырҳара аус аҿы.
Актәи авице-аҧыза EBRD адиректор изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла аекономикатә тенденциақәа ирызкны. Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун аенергетика иаҵәеи, атранспорти, алогистикеи, анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи рыцхраареи, афондтә џьармыкьа аҿиареи, ааглыхреи, аинформациатә технологиақәа риндустриеи, аинфраструктуратә проектқәеи.
Аиҧылара алахәылацәа наҟ-наҟ Қырҭтәылеи EBRD-и русеицуреи аҧыжәара зауа ахырхарҭақәеи ҳәаақәырҵеит.