Леван Давиҭашвили – Америка администрациа ҿыци ҳареи ҳидеологиақәа еиқәшәоит, убри аҟынтә, аусеицуразы ашьаҭа бзиа ҳамоуп, ари аусеицура аҩ-ганк ирзыфеидоу апланқәа рыла ихарҭәаатәуп
«Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы ашьаҭа бзиа иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит», – иҳәеит актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили ателеканал «Имеди» аефираҿы.
Давиҭашвили иҳәамҭала, Америка администрациа ҿыци Қырҭтәылеи ридеологиақәа еиқәшәоит.
Иара убас, актәи авице-аҧыза ишиҳәаз ала, аидеологиақәа реиқәшәара ҩ-тәылак русеицура арҭбааразы ашьаҭа бзиа аҧнаҵоит.
Леван Давиҭашвили Америка ҧасатәи администрациа ақырҭуа напхгара ахаҭарнакцәақәак ирзышьақәдыргылаз асанкциақәа рызҵаарагьы дазааҭгылеит. Иара иажәақәа рыла, ари азҵаара аиҭахәаҧшразы аамҭеи аиуристтә процедурақәеи аҭаххоит.
«Шықәсык иалагӡаны америкатә администрациа ҿыц абарҭ азҵаарақәа ирзыхынҳәны, адиалог арежимаҿ рҭыҧқәҵара рылшап ҳәа сгәыҕуеит. Ҳәарада, ҳара уи ҳазыхиоуп», – иҳәеит Леван Давиҭашвили.