Леван Давиҭашвили - Акоррупциа аилкаара аиндекс ала, Қырҭтәыла арегионаҿ аҧхьагылара амоуп, Евроеидгыла атәылақәа рацәа раҧхьа игылоуп
Акоррупциа аҿагылара ала иазҧхьагәаҭоу ахырхарҭа ҳаиҳабыра рзы еснагь актуалтә ҵакы аман, иахьагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа иҟалоит, – иҳәеит авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили амедиахаҭарнакцәа данрацәажәоз. Иара 2024 шықәсазы акоррупциа аилкаара аиндекс дахцәажәеит.
Леван Давиҭашвили иажәақәа рыла, ари аганахьала Қырҭтәыла арегионаҿ аҧхьагылара амоуп, Евроеидгыла атәыла рацәа раҧхьа игылоуп.
„Қырҭтәылаҿ еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла еиқәыршәоу алагылазаареи, ҳнапхгара алҵшәақәеи аҵакы ду рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳәарада, қәҿиарала анапхгараҭара ахәшьара азҭо афакторқәа иреиуп акоррупциа аилкаара. Ари аганахьала Қырҭтәыла арегионаҿ аҧхьагылара амоуп, ари арбага иҵегьы еиҕьаҳтәуеит“, – иҳәеит актәи авице-аҧыза.
2024 шықәсазы акоррупциа аилкаара аиндексла, Қырҭтәыла, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ аҧхьагылара амоуп. Ареитинг аҿы Қырҭтәыла Евроеидгылеи НАТОи ирылахәы 11 ҳәынҭқарра раҧхьа игылоуп. Арҭ аҳәынҭқаррақәа роуп: Бырзентәыла, Словакиа, Хорватиа, Мальта, Монтенегро, Румыниа, Болгариа, Албаниа, Венгриа, Аҩадатәи Македониа, Ҭырқәтәыла.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аекономика аминистрра апрессмаҵзура.