Леван Бежашвили – Қырҭтәылаҟа иаауа Урыстәыла атәылауаа рзы ампыҵахаларатә аизга 1000 лари рзышьақәыргылара аинициативала ҳақәгылоит
«Ҳпартиеи апарламенттә фракциеи «Ампыҵахалара иазку» азакәан аҧсахрақәа алагалара аинициативала иқәгылоит, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект ала иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла иаауа Урыстәыла атәылауаа 1000 лари ампыҵахалатә алагала рзышьақәыргылара», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы Леван Бежашвили.
Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу алагала аҟаҵара ала, Урыстәыла атәылауаа иазхарҵоит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл Урыстәыла ала ишымпыҵахалоу, Урыстәыла агрессор шакәу.
«Амиграциа духеит, уи ҳтәыла ашәарҭадареи афинанстә аиқәыршәареи иадҳәалоуп. Ҳуааҧсыра уи ргәаҧхом, имаҷымкәа азҵаарақәа рызцәырҵит.
Зыӡбахәы ҳәоу аҧаратә алагала аанкыларатә факторхароуп. Дара ампыҵахалара азхаҵареи аҧара ашәареи рҭахымхар, ирымшәаргьы ҟалоит, аха, усҟан, Қырҭтәыла изалалом», — иҳәеит Бежашвили.
Адепутат иҳәамҭала, Урстәыла атәылауаа иршәо аҧара Қырҭтәыла ахҵәацәа рҭахрақәа рынагӡаразы иныхтәуп.