Леван Бежашвили – Аконституциатә аӡбара „Ақырҭуа гәахәтәы“ ирҭахыз аӡбара аднакылеит, аконституциатә нормақәа ирмыхәаҧшит
Леван Бежашвили – Аконституциатә аӡбара „Ақырҭуа гәахәтәы“ ирҭахыз аӡбара аднакылеит, аконституциатә нормақәа ирмыхәаҧшит

Аконституциатә аӡбарҭа абри аҩыза аӡбара шаднакылоз аадыруан. Ҳара уаанӡагьы иаҳҳәеит  дара  реалра фҩык аӡбаҩцәа шрымаз.  Аконституциатә аӡбарҭа „Ақырҭуа гәахәтәы“ ирҭахыз аӡбара аднакылеит, аконституциатә нормақәа ирмыхәаҧшит. Жәаҳәарада, дара аполитикатә аӡбара рыдыркылеит,  – иҳәеит  „Амилаҭтә ҵысра“ алахәыла Леван Бежашвили.

Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы Бежашвили ишиҳәаз ала, рыцҳарас иҟалаз, Аконституциатә аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит „аклан“ алахәылацәа рхылаҧшра аҵаҟа ишыҟоу, атәыла ахада адәныҟатәи ахырхарҭала шьаҿакгьы шылзыҟамҵо.

„Атәыла анапхгара Қырҭтәыла ахада ламхразы иҭаху абыжьқәа рымам, аха, дара адәныҟати еизыҟазаашьақәа рҿы атәыла ахада лмандат аҧкра рҽазыркуеит. Аоппозиционерцәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит  абжьыҭира апроцедура рхы аладмырхәырц“, – иҳәеит Бежашвили.