Ленд-лиз иазку акт ала, Украина ада, мрагыларатә Европа атәылақәа абџьар иаҳа имарианы аиура рылшоит
ЕАШ ахада Џьо Баиден инапы аҵаиҩыз ленд-лиз иазку акт (The Ukraine Democracy Defense Lend-Lease Act of 2022) ала, Украина ада, мрагыларатә Европа атәылақәа абџьар иаҳа имарианы аиура рылшоит.
Адокумент аҿы ишану ала, 2022-2023 афискалтә ашықәсқәа раан ахада илшоит Урыстәыла аинтервенциа анырра зауз Украина аиҳабыра ма мрагыларатә Европа атәылақәа реиҳабырақәа аамҭалатәи ахархәаразы ма қьырала ахархәаразы абџьар рыҭара иазкны ЕАШ аиҳабыра адҵа риҭарц.
Иацы Еаш ахада, Џьо Баиден инапы аҵаиҩыз ленд-лиз иазку аакт инақәышәаны, ЕАШ Украина абџьар иаҳа ирласны иеффектны аҭара алшоит.
Мшаԥы 28 рзы ЕАШ аконгресс Ленд-лиз апрограмма шьақәнарӷәӷәеит. Азакәан ҿыц инақәыршәаны, Вашингтон Украина абџьар иаҳа ирласны иеффектны аҭара алшоит, ибаҷхоит абиурократиатә бариерқәа.
Ленд-лиз апрограмма аҵыхәтәаны амч аиуит аҩбатәи адунеитә аибашьраан.