"Лело" амедицинатә гәыҧ Украинаҟа идәықәлеит
 "Лело" амедицинатә гәыҧ Украинаҟа идәықәлеит

Апартиа “Лело” амедицинатә гәыҧ Украинаҟа идәықәлеит. Амиссиа иалахәып 9ҩык аҳақьымцәа.

Апартиа алахәылацәа рҳәамҭала, амиссиа аофициалтә ҟазшьа амоуп, Украина Агәабзиарахьчара аминистрраҟны еиқәшаҳаҭны аус руеит.

Аҳақьымцәа ишазгәарҭаз ала, аа-мшы рыҩнуҵҟала дара Украина қалақьк аҿы ахҵәацәеи ахәрақәа зауз ауааҧсыреи ирыцхраауеит.