"Лело" алахәылацәа атәыла ахада Саломе Зурабишвили илҧылеит
 "Лело" алахәылацәа атәыла ахада Саломе Зурабишвили илҧылеит

 “Лело” алахәылацәа атәыла ахада Саломе Зурабишвили илҧылеит.

Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаҧариӡеи, Саломе Самадашвилии, Анна Нацвлишвилии ахада ладминистрациаҿы иҟан.

Апартиа алахәылацәа ишырҳәаз ала, аиҧылараан ахадаратә зҵааран Евроеидгыла алалареи ари азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла апозициеи.

«Қырҭтәыла ауникалтә шанс амоуп, Евроеидгыла захьӡу европатәи аҭаацәара иалалар алшоит. Ҳара изныкымкәа абри аҩыза алшара ҳаман, аха, уи ахархәара ҳалымшеит.  Иахьатәи аиҧылараҿы абри акәын ҳазлацәажәоз, уажәы иҳамоу алшара ҳацәцар ҟалом, ажәлари аполитикатә партиақәеи, ҳазынтәгьы  ҳтәыла ахада ҳлыдгыланы, Евроеидгыла алалара иацхраша ашьаҿақәа еицыҟаҳҵароуп», —  иҳәеит Мамука Хазараӡе.