Латвиа аҧыза-министр  - Сара акандидат астатус анашьара садгылоит, ари ашьаҿа Европазы аҵакы ду амоуп, Евроеидгыла арҭбаара алацәажәара иаамҭоуп
Латвиа аҧыза-министр  - Сара акандидат астатус анашьара садгылоит, ари ашьаҿа Европазы аҵакы ду амоуп, Евроеидгыла арҭбаара алацәажәара иаамҭоуп

«‎Сара акандидат астатус анашьара садгылоит, ари ашьаҿа Европазы аҵакы ду амоуп, Евроеидгыла арҭбаара алацәажәара иаамҭоуп», — иҳәеит Латвиа аҧыза-министр Кришианис Каринш Братислав ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.

Латвиа аҧыза-министр иҳәамҭала, Европа аполитикатә шьҭымҭа ҟанаҵароуп.

Кришианис Каринш ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла Украинаҿ излагаз аибашьра Европа мацара акәымкәа,  адунеи зегьы аҭынчреи ашәарҭадареи рзы шәарҭароуп.

«Акандидат астатус иахәаҧшуеит  рашәарамзазы имҩаҧысуа Евроеидгыла Ахеилак аилатәараҿы.  Сара ари ашьаҿа садгылоит.   Сгәы ишаанаго ала,  Европа аполитикатә шьҭымҭа ҟанаҵароуп,  аха,  адискуссиа макьана аартуп,  иҟало аабап.  Ҳара абри крызҵазкәа ашьаҿа ҟаҳҵароуп ҳәа сгәы иаанагоит,  избанзар,  Евроеидгыла алалареи,  аҿиареи,  ҧхьаҟацареи зҭаху атәылақәа иҟоуп.  Уи иаҵанакәа рацәоуп,  избанзар,  ҳара иҭышәынтәалам адунеи аҿы ҳанхоит.  Урыстәыла Украинаҿ излагаз аибашьра Европа мацара акәымкәа,  адунеи зегьы аҭынчреи ашәарҭадареи рзы шәарҭароуп.  Урыстәыла ари аибашьраҿы иаҵахарц азыҳәан, ҳаидгыланы аус еицаауроуп. Иара убас, Украина ацхраара наҳагӡароуп. Евроеидгыла арҭбаара алацәажәара аамҭа ааит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Каринш.