Мшaҧы 21-нӡa aтәылaҿ aмaшьынa лaсқәa рылa aныҟәaрa ҟaлом
Мшaҧы 21-нӡa aтәылaҿ aмaшьынa лaсқәa рылa aныҟәaрa ҟaлом

Мшaҧы 17, aсaaҭ 12 инaркны иҷыдоу aҭaгылaзaaшьa аҿҳәаранӡа, мшaҧы 21-нӡa aтәылaҿ aмaшьынa лaсқәa рылa aныҟәaрa ҟaлом, aри aтәы aaицҳaит Қырҭтәылa Аҧызa-министр ибжьaгaҩ, aпресспикер Ирaкли Чиқовaни Аиҳaбырa рaдминистрaциa aҿы имҩaҧгaз aбрифинг aҿы.

Ишәыдаашалоит аҵас ҿыцқәа ирызкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа рҭакқәа:

Иарбан атранспорттә хархәагоу аиҭаҵра азин змам?

Иарбанзаалак амеханикатә транспорттә хархәага аиҭаҵра азин амам, амотоцикл ада.

 Иарбан транспорттә хархәагоу сызлеиҭаҵша?

Амотоцикли, амаланыҟәеи, амопеди рыла аиҭаҵра ҟалоит.

 Атаксиқәа ари аҧкра рыдкьыслома?

Атакси амаҵзура ахархәара ҟалом.

 Амашьынала аиҭаҵразы анашьҭыга аиура зласылшои?

Шәара ззин иҟоу аекономикатә усура нашәыгӡозар, анашьҭыга аиуразы аусхкытә министрра шәадҵаалароуп (иаҳҳәап: ақыҭанхамҩа ма аекономика аминистрра).

Шәара имҩаҧыжәго аусура иарбанзаалак аусхкытә министрра ахылаҧшра аҵаҟа иҟамзар, аха шәусуразы хымҧада аиҭаҵра шәықәшәозар, Ацәаҳәа ҷыда ашҟа аҭел шәасроуп – 144.

Ззин иҟоу аекономикатә усура насыгӡоит. Аусуранӡа сызланеиуеи?

Аусурашҟа шәнагареи  шьҭахьҟа аҩныҟа шәырхынҳәреи  еиқәиршәароуп аусураҭаҩ.

Аилахәыра аекономикатә усура амҩаҧгаразы азин амоуп. Уи аусуҩцәа аусурашҟа изланеиуеи?

Аекономикатә усура амҩаҧгаразы азин змоу асубиект иуалуп М2 (амикроавтобус ала) иара убас, М3 (автобус) акатегориақәа ирыҵанакуа автотранспорттә хархәага ала аусуҩцәа реиҭаҵра аиқәыршәара.  Иашьашәалоу азин аиуразы,аилахәыра анапхгара иашьашәалоу амуниципалитет иадҵаалароуп. Амуниципалитет М2-и М3-и акатегориақәа ирыҵанакуа автотранспорттә хархәага ала апассаџьырцәа рымҩангара амаршрут аҳәаақәҵара еиқәнаршәоит Аоперациақәа рштаб аҟны еиқәшаҳаҭрала.

Амедицинатә цхыраара аиуразы сызлеиҭаҵуеи?

Амедицинатә цхыраара аиуразы аиҭаҵра ҟалоит.

Шәара хымҧада амедицинатә цхыраара шәҭахызар  (иаҳҳәап: ахшараиура иалагазар, шәыбҩа ҧҵәазар, уб. егь.),  амедицинатә цхыраара аиуразы аиҭаҵра ҟалоит  (аӡәы дшәыцны).

Хырҧашьа змам аплантә медицинатә маҵзура аиуразы хымҧада аиҭаҵра шәҭахызар   (иаҳҳәап: адиалез, аонкологиатә хәышәтәра, уб.егь.), еснагь ишәыцзароуп амедицинатә усбарҭа аилкаа.

Ас еиҧш иҟоу аилкаа шәымамзар, шәҳақьым ма амедицинатә усбарҭа шәадҵаалароуп, дара шәҭагылазаашьа инақәыршәаны, аелектронтә хархәага ала агәабзиарахьчара аминистрра ашҟа идәықәырҵоит иашьашәалоу аинформациа. Убри ашьаҭа ала, шәара ишәоуеит хықәкыла аиҭаҵразы аелектронтә зин. Аелектронтә формала азиншәҟәы  шәмоур,  Асоциалтә маҵзура агентра араионтә аҟәша ахаҭарнакцәа аҭыҧашҟа аилкаа шәызнаргоит.

Афатәаалыҵ ма афармацевтә аалыҵ аҭыҧашҟа исзааргар ҟалома?

Афатәи, афатәаалыҵи, амедицинатә азкызаара змоу атауари аалыҵи аҭыҧашҟа анагаратә маҵзура амҩаҧгаразы аиҭаҵра ҟалоит. Убри аҟынтә,  „деливер“ асервис шәхы иашәырхәар шәылшоит.

 Анышәынҭрашҟа снеир ҟалома?

Анышәынҭрашҟа анеира ҟалом. Анышәынҭрашҟа анеиреи аиҭаҵреи ҟалоит аҧсыжра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа  рымҩаҧгара мацаразы.

 Ақалақь мацараҿ аума анышәынҭқарақәа рахь анеира ахьыҟамло?

Атәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара анышәынҭрақәа рахь анеира ҟалом.

 Иарбан усбарҭоу хымҧада асабрада аныҟәгара ахьсыхәҭоу?

Иарку ауаажәларратә қәыҧшыларақәа зегьы рҿы хымҧада асабрада шәҿазароуп  (иаҳҳәап: аҧҭека, афатәаалыҵ адәқьан, уб.егь.).

 Ақыҭанхамҩатә усурақәа рымҩаҧгаразы аиҭаҵра ҟалома?

Ақыҭанхамҩатә усурақәа рымҩаҧгаразы аиҭаҵра ҟалоит ақыҭанхамҩатә азкызаара змоу амашьынала ма атехника мацарала  (иаҳҳәап: атрактор, акомбаин, уб.егь.).

Иарбанзаалак даҽа механикатә транспорттә хархәага ала  аиҭаҵра ҟалом.

Амаҵзуратә ҧхықәрақәка рынагӡаразы амашьынала аиҭаҵра азин сымоуп. Зыӡбахәы ҳәоу амашьынала сҭаацәара алахәылацәа ма даҽа хаҿык имҩангара ҟалома?

Мап. Автотранспорттә хархәага ала шәара заҵә аиҭаҵра азин шәымоуп, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡара мацараз.

Амаҵзуратә ҧхықәрақәка рынагӡаразы амашьынала аиҭаҵра азин сымоуп. Зыӡбахәы ҳәоу амашьынала аус сыцызуа ауаҩҧсы  имҩангара ҟалома?

Ааи, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡара амзызла аус шәыцызуа ауаҩҧсы шәмашьынала аусурашҟа днажәгар ҟалоит, амашьына аҩнуҵҟа апассаџьырцәа иахьтәаша аҭыҧ иазку  аҧҟара инақәыршәаны.