Лаша Жваниа – Қырҭтәыла атәылауаа ихәит, иӡит ма иҭахеит ҳәа ацҳаражәҳәарахь аацҳамҭа ҟаҵамызт

13:48, 13.10.2023

Қырҭтәыла атәылауаа ихәит, иӡит ма иҭахеит ҳәа ацҳаражәҳәарахь аацҳамҭа ҟаҵамызт, – иҳәеит Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниа.

Жваниа ишааицҳаз, Ҭамар Голденберг лыԥшаара иаҿуп, лара Қырҭтәыла атәылауҩ лыԥҳа лоуп.

“Газа асектор аҿы аппатә операциа мҩаԥысуеит. Иацы агәҭанытә Израиль аҟны ҭынчран. Аҳауатә жәыларақәа иҟан Ашкелони, Ашдоди, Беершеваҿ.Қырҭтәыла атәылауаа ихәит, иӡит ма иҭахеит ҳәа ацҳаражәҳәарахь аацҳамҭа ҟаҵамызт.

Ҭамар Голденберг лыԥшаара иаҿуп, лара Қырҭтәыла атәылауҩ лыԥҳа лоуп, урҭ Аԥснытәи ахҵәацәа роуп, Израиль инхоит 30 шықәса ирылагӡаны,” – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Еиԥшу