Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Қырҭтәыла атәылауаа ихәит, иӡит ма иҭахеит ҳәа ацҳаражәҳәарахь аацҳамҭа ҟаҵамызт
Қырҭтәыла атәылауаа ихәит, иӡит ма иҭахеит ҳәа ацҳаражәҳәарахь аацҳамҭа ҟаҵамызт, – иҳәеит Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниа.
Жваниа иажәақәа рыла, “Ҳамас” ажәылараан иҭахеит ақырҭуа уриацәа ҩыџьа.
“Қырҭтәыла атәылауаа ихәит, иӡит ма иҭахеит ҳәа ацҳаражәҳәарахь аацҳамҭа ҟаҵамызт. Анцәа илԥхала, хара имгакәа ари аҭагылазаашьа иҭыԥқәҵахап ҳәа, Қырҭтәыла атәылауаа аахақәа роуит ҳәа адырақәа шыҟамло ҳгәыӷуеит.
Иахьазы “Ҳамас” ажәылараан иҭахеит ақырҭуа уриацәа ҩыџьа. Урҭгьы ҳара иаҳтәуп – Бузудашвили – полициа аусуҩ инапынҵақәа рынагӡараан дҭахеит, Ави Абраам Қубелашвили аидысларақәа раан дҭахеит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыдашшылоит”, – иҳәеит Жваниа.
Газа асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала жьҭаара 7, ашьыжь шаанӡа аракетақәа рышьҭит. Ажәыларазы аҭакԥхықәра ахахьы агеит аҵысра “Ҳамас”. Ҳамас” имҩаҧнагаз атерракт амшала иҭахаз Израиль атәылауаа рхыҧхьаӡара 700-ҩык иреиҳауп, 2315-ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.
Қырҭтәыла атәылауаазы ацҳаражҳәараҿ аус ауеит ацәаҳәа шшы.