Лаша Жваниа - Израиль аибарххара еиҭах иӷәӷәоуп
Лаша Жваниа - Израиль аибарххара еиҭах иӷәӷәоуп

Израиль абиарххара еиҭах иӷәӷәоуп, жәамш раԥхьа ишыҟаз еиԥш, аҩадатәи ахәҭаҿы аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахоит, Израиль Атәылахьчара аминистр иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Хезболла” аибашьра аалахәуп, убри аҟынтә Ливан аҳәаа иаԥну Израиль аҩадатәи ахәҭақәа рҟынтә ауаа аевакуациа рхыруоит, – иҳәеит Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниа

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аҳаирбаӷәаза аркхоит ҳәа аларҵәара зауз адырра ииашам.

” Аҳаирбаӷәаза аркхоит ҳәа аларҵәара зауз адырра ииашам. “Џьорџьиан еарвеис” ишиашоу авиареисқәа рынагӡара аҟәыҵит. Иҳамоу адыррақәа рыла , ареисқәа Ларнака-Қарҭ ахырхарҭала нагӡахоит. Ареисқәа есымша нагӡахоит. Иара убас есымшаареисқәа нарыгӡоит аилахәырақәа “Ел Аль”,”Исреар”, “Аирк”. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Израиль аҟынтә Қырҭтәыла дәықәаҳҵуеит 11000-ҩык иреиҳаны“, – иҳәеит Жваниа.