Лаша Хуцишвили  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа алахәылацәа дырҧылеит
Лаша Хуцишвили  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа алахәылацәа дырҧылеит

Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа алахәылацәа дырҧылеит.

Аусуратә форматаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа,  ҵыҧхтәии сынтәатәии аекономикатә ҭагылазаашьеи, 2025 шықәсатәи абиуџьет апараметрқәеи, амакроекономикатәи афискалтәи параметрқәеи, иара убас, аиҳабыра еиқәдыршәаз аекономикатә реформақәа рпрограммеи иалацәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аиҧыларақәа аҵакы ду шрымоу иазгәаҭаны, амиссиа алахәылацәа ақәҿиарақәа рзеиҕьаршьеит.  Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәит афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаа Гьаргь Какауриӡеи Екатерина Гунцаӡеи,  Амакроекономикатә анализи афискалтә политикеи рзы адепартамент анапхгаҩы  Вахтанг Чалаҧеикришвилии, Афискалтә шәарҭарақәа рхылаҧшра амаҵзура аиҳабы  Шоҭа Гуниеи.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра.