Лаша Талахаӡеи, Гено Петриашвилии, Гиви Маҷарашвилии Парижтәи аолимпиада аҟынтә аԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит [афото]
Лаша Талахаӡеи, Гено Петриашвилии, Гиви Маҷарашвилии Парижтәи аолимпиада аҟынтә аԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит [афото]

Аолимпиатә чемпионцәа Лаша Талахаӡеи, Гено Петриашвилии, авице-чемпион Гиви Маҷарашвилии 2024 шықәсатәи Парижтәи аолимпиада аҟынтә аԥсадгьыл ашҟа ихынҳәит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҟны ақырҭуа спортсменцәа руацәеи, рҩызцәеи, рызгәыбылҩцәеи ирԥылеит.

Лаша Талахаӡе (+102 кг) аолимпиада хынтәтәи ачемпион иоуп. Парижтәи аолимпиадаҿ Талахаӡе еицҵаны 470 кг шьҭихын, ахьтәы медал иоуит.

Зхы иақәиҭу астиль ала ақәԥаҩ Гено Петриашвили (-125 кг) Парижтәи аолимпиада дачемпионхеит, уи џьамтәылатәи Амир Заре 10:9 ҳәа диааит.

2024 шықәсатәи Парижтәи аолимпиадаҿ зхы иақәиҭу астиль ала ақәԥаҩ Гиви Маҷарашвили (97 кг) араӡнытә медал иуоит.

Парижтәи аолимпиада нанҳәа 11 рзы хыркәшан, 2028 шықәсазы иашьҭанеиуа ахәмаррақәа Лос-Анжелес аҟны мҩаԥгахоит.

Қырҭтәыла аолимпиатә делегациа 2024 шықәсатәи Парижтәи аолимпиадаҿ 24-тәи аҭыԥ ааннакылеит. Парижтәи аолимпиадаҿ ақырҭуа делегациа бжьмедалк аиуит: ачемпионцәа Лаша Талахаӡе (атлетика хьанҭа), Лаша Беқаури (ӡиудо), Гено Петриашвили (зхы иақәиҭу ақәԥара), араӡнытә медалқәа Гиви Маҷарашвили (зхы иақәиҭу ақәԥара), Илиа Суламаниӡе (ӡиудо),  Тато Григалашвили (ӡиудо), аџьазтә медал – Лаша Гурули (бокс).