Лаша Ҧарулава – Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифингаҿ шаҳаҭракгьы ҳмаҳаит, дара Иванишвили изы аҳасабырба ҟарҵеит, уи ацәгьаура аҵәахра аҽазкроуп
BBC аконкреттә ашаҳаҭгақәа рышьаҭала ахатә усеилыргара мҩаҧнагоит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурҿы имҩаҧгаз абрифингаҿ шаҳаҭракгьы ҳмаҳаит», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Лаша Ҧарулава.
Иара иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ҧхынҷкәын 4-5 рзы иҟалаз ахҭысқәа мацара ирылацәажәоит, уи алагьы иубарҭоуп уажәы имҩаҧысуа аусеилыргара Иванишвилии ирежими рыцәгьаурақәа рыҵәахра ишазку.
«Қырҭтәыла аҩныҵҟа аиашара ззымҧшааз ҳтәылауаа жәларбжьаратәи аусеилыргарақәа рҿы хымҧада аиашара шьақәдыргылоит. Уи Иванишвили изы иҟаҵаз аҳасабырбоуп, дара ацәгьаура рҵәахыр рҭахуп. Мдинараӡе ҳтәылауаа иаартны иреиҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟа аиашара шырзымҧшаауа. Агәра ганы сыҟоуп жәларбжьаратәи аусеилыргара обиективла, ииашаны ишымҩаҧысуа», — иҳәеит Лаша Ҧарулава.