Ларс Лекке Расмуссен – Даниа Қырҭтәыла европатәи аҽазышәара иадгылоит, акандидат астатус иадҳәаланы стәыла абас  аҭак ҟанаҵоит – ааи
Ларс Лекке Расмуссен – Даниа Қырҭтәыла европатәи аҽазышәара иадгылоит, акандидат астатус иадҳәаланы стәыла абас  аҭак ҟанаҵоит – ааи

«Қырҭтәыла зҵакы дуу аамҭа иҭагылоуп.  Даниа, ауаҩытәыҩса изинқәеи, азакәан аиҳаӡареи, ихьыҧшым адемократиатә институтқәеи шьаҭас измоу Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа ирыдгылоит», — иҳәеит Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Ларс Лекке Расмуссен Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Иара иажәқа рыла, Даниа ари амҩаҿ Қырҭтәыла иадгылоит.

«Уажәы Қырҭтәылоуп зегьы зхьыҧшу, ахатә амбициақәеи аҽазышәарақәеи шынанагӡо ауп аус злоу.  Ари амҩаҿ Даниа Қырҭтәыла иадгылоит. Иахьа исымоу алшара схы иархәаны ишәасҳәар сҭахуп, акандидат астатус иадҳәаланы стәыла абас аҭак ҟанаҵоит – ааи.  Ҭагалан, Еврокомиссиа абжьагарақәа анаҳбалак, акандидат астатус шәоуеит. Евроеидгылахь зхы рхоу амҩа аихьӡарақәа ирышьаҭакуп. Ари апроцесс Копенгагентәи акритериақәа ирыдҳәалоуп. Абарҭ акритериқәа рынагӡараҿы Қырҭтәыла ҳацхраауеит. Қырҭтәыла абарҭ акритериақәа нанагӡар, Даниа акандидат астатус шәыҭара иақәшаҳаҭхоит», — иҳәеит  Ларс Лекке Расмуссен.