Ланчхәыҭтәи амуниципалитет аҿы ӡыла аиқәыршәара еиҭашьақәгылоуп, 1500-ҩык абонентцәа аԥсабаратә газла реиқәыршәара макьана ҳалымшеит, – иҳәеит Аиҳабыра радминистрациа арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мераб Гамҟрелиӡе.
Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, шьыжь инаркны активла мҩаԥысуеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
“Адгьылҳәазара амшала араионқәарацәаны аԥхасҭа роуит. Џьара мҩангагақәа ԥхасҭоуп, даҽаџьара афымцалашаратә цәаҳәақәа. Ԥшьқыҭак афымцалашара рымам, аха шьыжь инаркны аиҭашьақәыргыларатәи арыцқьаратәи усурақәа рынагӡара ҳалагеит. 10 000 абонентцәа рҟынтә афымцалашарада иаанхаз 1500-ҩык роуп. 100 ҭаацәарак рҟынӡа ишәарҭам аҭыԥқәа рахь ииагоуп, иҵегьы 100-ҩык рҟынӡа рхала ишәарҭам аҭыԥқәа рахь цеит. Уажәы ацентртә амҩақәа ррыцқара ҳаҿуп. Уи ашьҭахь ацҳақәа реиҭашьақәыргылара ҳалагоит“, – иҳәеит Гамҟрелиӡе.