Лаҵара 4-нӡа анышәынҭрақәа рахь анеира ҟалом, анышәынҭрақәа рахь ицо амҩақәа зегьы аркуп.
Абри аӡбара рыдыркылеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аҿы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, анышәынҭрахь инеиуа ахаҿқәа 2000 лари иаҟароу аштраф рықәҵахоит, – ари атәы аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Қырҭтәыла атерриториаҿ иҟоу анышәынҭрақәа рахь ицо амҩақәа рҿы арегулиациақәа рынагӡара апроцес иахылаԥшуеит апатрультә полициа. Арегулиациақәа еилазго ахаҿқәа 2000 лари иаҟароу аштраф рықәҵахоит, – аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.