Лаҵара 14 рзы иаанкылаз Саба Меҧаришвилии Омар Окрибелашвилии рҟны апроцессуалтә аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит
Апарламент аҩналарҭаҿ иҟоу аихатә ҭахкаага аҧхасҭатәара ахарадҵарала ҵыҧх, лаҵара 14 рзы иаанкылаз Саба Меҧаришвилии Омар Окрибелашвилии рҟны апроцессуалтә аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит.
Аӡбаҩ Наҭиа Гудаӡе Омар Окрибелашвилии Саба Меҧаришвили ари ацәгьаура рхароуп ҳәа иазхалҵеит. Дара хышықәса аҭакра рықәырҵеит, аха, амнистиа абзоурала, ақәҵара аҿҳәара маҷхеит 2,6 шықәса аҟынӡа, ари аҿҳәара аҟынтә 1,6 шықәса абахҭа иҭакызароуп, егьи ашықәс еилаӡарала ахақәиҭра аҧкра асахьала ирхыргароуп. Абри зегьы ашьаҭала, дара иҵегьы 10 мза абахҭаҿ иаанхоит.
Омар Окрибелашвилии Саба Меҧаришвили ари ацәгьаура шырхароу иазхарҵеит.
19-и 23-и шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа ҵыҧх, апарламент ахыбра аҧхьа иааныркылеит. Дара гәыҧҩык рыла амал аҧхасҭатәара рхарарҵеит, лымкаала, гәыҧҩык аҿар, амч рхы иархәаны, апарламент аҩналарҭаҿ иҟоу аихатә ҭахкаага хықәкыла иҧхасҭартәит. Ари ацәгьауразы иаҧхьагәаҭоуп хышықәса инаркны фышықәсанӡа аҭакра.