Львовтәи асимфониатә оркестр алахәылацәа  Қырҭтәыла ахада лрезиденциаҿы аконцертаҧхьатәи репетициа мҩаҧыргеит
Львовтәи асимфониатә оркестр алахәылацәа  Қырҭтәыла ахада лрезиденциаҿы аконцертаҧхьатәи репетициа мҩаҧыргеит

Львовтәи асимфониатә оркестр алахәылацәа  Қырҭтәыла ахада лрезиденциаҿы аконцертаҧхьатәи репетициа мҩаҧыргеит. Ари атәы аанацҳаит атәыла ахада ладминистрациа апресс-маҵзура.

Аукраини ақырҭуеи музыкантцәа еицымҩаҧырго акциа-концерт мҩаҧысуеит мшаҧы 11 рзы, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы.

Аконцерт мҩаҧысуеит Аглобалтә агәыҳалалратә телемарафон аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украинеи уи ажәлари афинанстә цхыраара рыҭаразы.

Аинформациа ишану ала, агәыҳалалратә ахәылҧаз Украина ахақәиҭра иазықәҧо ауааҧсыра ирызкуп.