Курт Волкер - Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ихьамоу иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла Нато алалара алшоит
Курт Волкер - Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ихьамоу иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла Нато алалара алшоит

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ԥасатәи ихаҭарнак ҷыда Курт Волкер игәы шаанаго ала, Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ихьамоу иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла Нато алалара алшоит. Ари атәы Волкер “Европейская правда” аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит.

Волкер иажәақәа рыла, ари аҟаҵара ҩышықәса раԥхьа Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Андерс фон Расмуссен ицәыригаз “Расмуссен иформула” ала ҟалоит.

“Қырҭтәылеи Натои Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рырхынҳәразы амчратә операциа акәымкуа, урҭ Қырҭтәылаҟа аҭынчратә ринтеграциа шадгыло аҳәамҭа ҟарҵароуп. Иара убас, Нато ахәбатәи ахәҭаҷ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны акәым, Қырҭтәыла изхылаԥшуа аҵакырадгьылқәа рҿы мацара амч шаиуа,  арҭ атерриториақәа рҿы ари ахәҭаҷ Қырҭтәылаҟа аҭынчратә ринтеграциа ашьҭахь мацара амч шаиуа аӡбара адкылатәуп. Қырҭтәылазы аформула иаԥҵоуп”, – иҳәеит Волкер.

Украина аганахьала ари аформула аус ауӡом.