Курт Волкер – Украина ҳаналацәажәо, Қырҭтәыла ампыҵахалара аҵыхәҧҵәаразы мҩак шыҧшаатәу ҳхамшҭроуп, Евроеидгылахь Украина аинтеграциаан Қырҭтәылагьы ҳхамшҭроуп
Курт Волкер – Украина ҳаналацәажәо, Қырҭтәыла ампыҵахалара аҵыхәҧҵәаразы мҩак шыҧшаатәу ҳхамшҭроуп, Евроеидгылахь Украина аинтеграциаан Қырҭтәылагьы ҳхамшҭроуп

Европатәи аполитика анализ азура ацентр ахаҭарнак, НАТО аҿы Америка ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ  Курт Волкер игәаанагарала, Қырҭтәыла азҵаара жәларбжьаратәи аусхәаҧштә аҿы иаанхароуп, ари азҵаара Қарҭ имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аконференциа ахықәкқәа иреиуп.

«2015 шықәсазы абри аконференциа ианышьаҭаркыз,  уи 2 хықәкык аман,  арҭ ахықәкқәа иахьагьы актуалтә ҵакы рымоуп. Актәи ахықәкы  –  Мраҭашәарантә Қырҭтәылаҟа ауаа ааганы,  ари атәыла рзаарҧшра. Дара Қырҭтәыла хара иҟоуп, аекзотикатә тәылоуп ҳәа ргәы иаанагоит.  Арҭ ауаа абрахь иааганы,  Қырҭтәыла дырбатәуп. Дара рхала ирбароуп Қырҭтәыла,  акультуралагьы,  аҭоурылагьы,  аменталитетлагьы европатәи атәыла шакәу. Абрахь иаауа ауаа дара ртәылақәа рҿы анырра ду рымоуп;

Егьи ахықәкы  – Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аусхәаҧштә аҿы иаанхаратәы аҟаҵара. Адунеиаҿ еснагь акризисқәа иҟоуп – Ираҟ  аибашьра,  Сириеи,  Ливиеи,  Таивани,  насгьы,  уажәы Украинеи аибашьрақәа  – абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ауаа Қырҭтәыла рхашҭыр ауеит. Убри азоуп жәларбжьаратәи аусхәаҧштә аҿы Қырҭтәыла азҵаара ааныжьра аҵакы ду замоу. Украина иаҿагылоу урыстәылатәи агрессиа ҳаналацәажәо,  иҳхамшҭроуп Урыстәыла 15 шықәса раҧхьа,   2008 шықәсазы Қырҭтәыла ишажәылаз, аурысцәа иахьагьы Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа импыҵахаланы ишрымоу. Убри аҟынтә,   Украина ҳаналацәажәо, Қырҭтәыла ампыҵахалара аҵыхәҧҵәаразы мҩак шыҧшаатәу ҳхамшҭроуп, Евроеидгылахь Украина аинтеграциаангьы  Қырҭтәыла ҳхамшҭроуп», — иҳәеит Курт Волкер.

Иацы Қарҭ аатит есышықәсатәи жәларбжьаратәи аконференциа  «Путинизм аҵархара».