Курт Волкер – Уажәы аиҳабыреи аоппозициеи Евроеидгылеи НАТОи рахь алалара иазку амилаҭтә хықәкы анагӡаразы хымҧада аус еицыруроуп
«Қырҭтәыла амилаҭтә хықәкыс иҟалароуп излауа ала ирласны Евроеидгылеи НАТОи рахь алалара, ари ахықәкы анагӡаразы рызынтәгьы аус еицыруроуп», — иҳәеит НАТО аҿы Америка ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ Курт Волкер.
Иара иажәақәа рыла, уажәы атәыла аиҳабыреи аоппозициеи хымҧада аус еицыруроуп.
«Қырҭтәыла иадҳәаланы Евроеидгыла иҟанаҵо аҳәамҭақәа рҿы актәи зҵаарас иарбоуп аполиаризациа, уажәы атәыла аиҳабыреи аоппозициеи хымҧада аус еицыруроуп. Қырҭтәыла амилаҭтә хықәкыс иҟалароуп излауа ала ирласны Евроеидгылеи НАТОи рахь алалара, ари ахықәкы анагӡаразы рызынтәгьы аус еицыруроуп. Избанзар, ишаабо ала, Евроеидгылеи НАТОи уаламзар, адемократиеи ашәарҭадареи агарантиқәа иҟам. Абри ауп ауаа ршәарҭадара еиқәзыршәо. Уи аиҳабыреи аоппозициеи мацара ракәымкәа, атәыла зегьы азы ихадоу хықәкуп. Уи ауааҧсыра зегьы рзы аҵакы ду амоуп. Рызынтәгьы ари ахықәкы анагӡаразы аус еицыруроуп», — иҳәеит Волкер.