Курбан-баирам азгәаҭара инамаданы, Баҭым аџьамаа хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧган 
Курбан-баирам азгәаҭара инамаданы, Баҭым аџьамаа хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧган 

Иахьа аҧсылмантә дунеи  зегьы  арелигиатә ныҳәа  дуӡӡа – Курбан-Баирам азгәанаҭоит. Ашырҧазы ақырҭуа аҧсылманцәа, Баҭым аџьамаа хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧыргеит.

Курбан-баирам – аҧсаҭара ианыҳәоуп.  Убри аҽны иршьуа аҧсаатә ажьы, раҧхьа иргылан, арыцҳацәа ирырҭоит, анеҩс, аҧсаҭара злымшо агәылацәеи ауацәеи.

Иара убас, Баирам анажьреи аинаалареи ианыҳәоуп.

Баҭым аџьамаа хадаҿы аныҳәара мҩаҧигеит Қырҭтәыла Амуфти Адам Шанҭаӡе. Азинхаҵаҩцәа аныҳәа ду рыдырныҳәалеит Аҷара аиҳабыреи Иреиҳаӡоу ахеилаки анапхгаҩцәа.

Курбан-баирам хымш иазгәарҭоит.