Курбан-Баирам аныҳәа инамаданы, Қырҭтәыла амуфти Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәара мҩаҧигеит
Аҧсылманцәа арелигиатә ныҳәа ду – Курбан-Баирам иазгәарҭоит.
Иахьа Қырҭтәыла амуфти Адам Шанҭаӡе Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәара мҩаҧигеит. Адинхаҵаҩцәа аныҳәа ду рыдырныҳәалеит Аҷара аиҳабыра ахаҭарнакцәагьы.
Курбан-Баирам хымш инагӡоит. Арҭ амшқәа рзы аҧсылманцәа ауаа асадаҟи ахаатәқәеи рзыршоит, руацәа рнышәынҭрақәа ирҭаауеит.