Курбан-Баирам аныҳәа инамаданы, Қырҭтәыла амуфти Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәара мҩаҧигеит
Курбан-Баирам аныҳәа инамаданы, Қырҭтәыла амуфти Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәара мҩаҧигеит

Аҧсылманцәа  арелигиатә ныҳәа ду  – Курбан-Баирам иазгәарҭоит.

Иахьа Қырҭтәыла амуфти Адам Шанҭаӡе Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәара мҩаҧигеит. Аныҳәара асааҭ 06:18 рзы мҩаԥган.  Адинхаҵаҩцәа аныҳәа ду рыдырныҳәалеит Аҷара аиҳабыра ахаҭарнакцәагьы.

Курбан-баирам – аҧсаҭара ианыҳәоуп.  Убри аҽны иршьуа аҧсаатә ажьы, раҧхьа иргылан, арыцҳацәа ирырҭоит, анеҩс, аҧсаҭара злымшо агәылацәеи ауацәеи. Иара убас, Баирам анажьреи аинаалареи ианыҳәоуп.  Курбан-баирам хымш иазгәарҭоит.