Кварацхелиа иреиҳаӡоу ахәшьара иоуит - Whoscored "Иувентус" аҟны аматч аҿы ақырҭуа спортсмен зегь дреиӷьын ҳәа дыԥхьаӡеит
“Иувентус” аҟны аматч аҿы Хвича Кварацхелиа зегь дреиӷьын, – ҳәа аԥхьаӡеит жларбжьарати апортал whoscored.
Неаполи Иувентси рматч 5:1 ҳәа ихыркәшан. Ашьапылампыл аналитикеи астатистикеи жәларбжьаратәи рпортал жәбалк рыла ишьақәгылоу ахәшьараҭаратә системаҿ аматч афырхаҵа 100%-тәи ахәшьара – 9,8 (9,82) балл ианаршьеит.
Ари Хвича Кварацхелиа икариераҿ иреиҳаӡоу ахәшьараҭароуп. Асериа А аҿы уаанӡа уи “Болониаҟны” аматч азы 8,88 балл иоуит.
18 тур рышьҭахь “Наполи” актәи аҭыԥ ааннакылоит (47), “Иувентус” – (37), Кварацхелиа А асериаҿ имҩаԥгаз 14 матч рҿы амба 7 мпылк иҭаиршәит