Кристиан Терес – Қырҭтәыла Евроеидгылаҿ аполитикатә цәаныррақәа рымшала ахьдырхәит ҳәа сгәы иаанагоит
Кристиан Терес – Қырҭтәыла Евроеидгылаҿ аполитикатә цәаныррақәа рымшала ахьдырхәит ҳәа сгәы иаанагоит

«Сколлегацәа рҟны аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит, сҩызцәа ирасҳәеит Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа сшадгыло, насгьы, НАТО ашҟагьы аинтеграциа сазыразуп, избанзар, иҟоу аабоит, Украина аибашьра мҩаҧысуеит, уаанӡа Қырҭтәылагьы аибашьра иҟан», — иҳәеит румынтәылатәи адепутат  Кристиан Терес  ақырҭуа коллегацәа данырҧылоз.

Кристиан Терес игәаанагарала, Қырҭтәыла адгылаҩцәа амазароуп.

«Қырҭтәыла Европоуп иахьаҭыҧу,  ҳара европаа еилыкка ираҳҳәароуп шәара адгылаҩцәа рацәа шшәымоу.  Аӡбара ахаҭа ҳалацәажәозар, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа аполитикатә аӡбароуп,  афактқәеи алабҿабареи ашьаҭала ирыдыркылароуп. Убри аҟынтә, хаҭала сара ҵыҧхтәи аӡбара сгәамҧхеит, дара Евроеидгылаҿ аполиткиатә цәаныррақәа рымшала Қырҭтәыла ахьдырхәызшәа  сгәы иабеит.  Избанзар, Страсбурги Бриуссели политикцәақәак аконкреттә зҵаарақәа ирықәшаҳаҭым, ҳара еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы ҳҳәатәы еиқәымшәозар ауеит, уи инормалуп, адемократиа иашьашәалоуп, аха, егьуҳәаргьы,  ҳара Урыстәыла аимпериалисттә хымҧаҧгашьа амшала азарал ду зауз атәылоуп ҳазлацәажәо. Убри аҟынтә, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари  аконкреттә политикатә аӡбарақәа рымшала рхьырхәра ииашам ҳәа исыҧхьаӡоит», — иҳәеит румынтәылатәи адепутат.