Кристиан Терҳес - Аиҳабырақәа ицоит-аауеит, аха ажәлар аанхоит, ақырҭуа жәлар ҳадгылара рҭахуп, Қырҭтәыла аҭыԥ Евроеидгылаҿ ауп
Кристиан Терҳес - Аиҳабырақәа ицоит-аауеит, аха ажәлар аанхоит, ақырҭуа жәлар ҳадгылара рҭахуп, Қырҭтәыла аҭыԥ Евроеидгылаҿ ауп

2008 шықәсазы раԥхьаҿа урыстәылатәи агрессиа зхызгаз тәыла Қырҭтәыла шакәуз ахаан иаҳхамшҭоуп, Урыстәылаҟны аибашьраан аԥхасҭа ду зауз Қырҭтәыла мрагыларатәи амҩа амԥсахит, – иҳәеит Европарламент алахәыла Кристиан Терҳес Европарламент аҿы Қырҭтәыла азҵааразы адебатқәа анымҩаԥысуаз.

Торҳес иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҭыԥ Евроеидгылаҿ ауп, ари аус аҿы мраҭашәара аҟынтә адгылара иазышуп.

„2008 шықәсазы раԥхьаҿа урыстәылатәи агрессиа зхызгаз тәыла Қырҭтәыла шакәуз ахаан иаҳхамшҭоуп.  Ари Косово азхаҵара ашьҭахь ҟадеит, Франциеи Германтәылеи Бухарест, Нато асаммит иаҿагыланы Қырҭтәылеи Украинеи Нато алалара мап рарҳәеит. Усҟан Европа апозициа ӷәӷәа амазҭгьы, иахьа аҭыԥ змоу аибашьра ҟамра акәхарын.  Урыстәылаҟны аибашьраан аԥхасҭа ду зауз, зтерриториақәа ацәыӡыз Қырҭтәыла мрагыларатәи амҩа амԥсахит. Қырҭтәыла Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҿы аԥхьагылара аман, ассоциациатә трио иалоуп. Евроатлантикатә аԥеиԥш Қырҭтәыла аконституциала иазыԥхьагәаҭоуп. Аиҳабырақәа ицоит-аауеит, аха ажәлар аанхоит, ақырҭуа жәлар ҳадгылара иазышуп, Қырҭтәыла аҭыԥ Евроеидгылаҿ ауп, ари аус аҿы мраҭашәара аҟынтә адгылара аҭахуп”, – иеит Кристиан Терҳес.