Кристиан Преда – Сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит 2008 шықәсазы Қырҭтәылеи Украинеи ирыдҳәаланы ирыхьыз агха еиҭаҟарымҵарц, Евроеидгыла абри аҩыза агха еиҭаҟанамҵап ҳәа сгәыҕуеит
Кристиан Преда – Сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит 2008 шықәсазы Қырҭтәылеи Украинеи ирыдҳәаланы ирыхьыз агха еиҭаҟарымҵарц, Евроеидгыла абри аҩыза агха еиҭаҟанамҵап ҳәа сгәыҕуеит

 

«Сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит 2008 шықәсазы Қырҭтәылеи Украинеи ирыдҳәаланы ирыхьыз агха еиҭаҟарымҵарц», — иҳәеит Европарламент ҧасатәи алахәыла, Бухаресттә ауниверситет аполиткиатә наукақәа рфакультет адекан Кристиан Преда Франкофониа Апарламенттә ассамблеиаҿы данықәгылоз.

Иара ишиҳәаз ала,  2008 шықәсазы Қырҭтәылеи Украинеи НАТО иалалазҭгьы, арҭ атәылақәа рҟны урыстәылатәи агрессиа ҟаломызт.

«2008 шықәса Қырҭтәылеи Украинеи  мацараз акәымкәа, Европа зегьы ашәарҭадаразы аҵакы ду аман. 2008 шықәсазы Қырҭтәылеи Украинеи НАТО иалалазҭгьы, арҭ атәылақәа рҟны урыстәылатәи агрессиа ҟаломызт. Ҧасатәи Иугославиаҿ иҟалаз аибашьра абзоурала Ацентртәи Мрагыларатәи Европа атәылақәа рацәа НАТОи Евроеидгылеи рахь алалара рзымариахеит.

Рыцҳарас иҟалаз, урыстәылатәи агрессиа зхызгаз Қырҭтәылеи Украинеи НАТО изаламлеит. Сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит 2008 шықәсазы Қырҭтәылеи Украинеи ирыдҳәаланы ирыхьыз агха еиҭаҟарымҵарц, Евроеидгыла абри аҩыза агха еиҭаҟанамҵап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Кристиан Преда.