Кристиан Даниэлсон Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дырҧылоит
Кристиан Даниэлсон Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дырҧылоит
Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак Кристиан Даниелсон Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Карл Ҳарцели Кели Дегнани дырҧылоит. Аиҧылара мҩаҧысуеит Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы.
Даниелсон ишиҳәаз ала, акомпромисс аҧшааразы аамҭа ааит.
«Сара гәахәарыла Қырҭтәылаҟа сеиҭааит. Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәа аус рыцура сахыццакуеит. Аполитикатә кризис алҵразы амҩа аҧшаараҿы срыцхрааар сҭахуп. Ишубарҭоу ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ари апроцесс иацклаҧшуеит. Акомпромисс аныҧшаатәу аамҭа ааит. Акомпромисс — аҧсыҽраӡам, уи аҕәҕара иадыргоуп», — иҳәеит Даниелсон.
Кристиан Даниелсон Қырҭтәылаҟа дхыҳәит хәажәкыра 27 рзы.