Кришьианис Кариньш - Қырҭтәыла акандидат статус анашьара сазыԥшуп, иубарҭоуп Евроеидгыла алалара ажәлар мацара ракәым изҭаху, ари анапхгара рыгәҭакгьы ауп
Кришьианис Кариньш - Қырҭтәыла акандидат статус анашьара сазыԥшуп, иубарҭоуп Евроеидгыла алалара ажәлар мацара ракәым изҭаху, ари анапхгара рыгәҭакгьы ауп

Қырҭтәыла акандидат статус анашьара сазыԥшуп, иубарҭоуп Евроеидгыла алалара ажәлар мацара ишыҭахым, ари анапхгара рыгәҭакгьы ауп, – иҳәеит Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Кришьианис Кариньш. Иахьа Бриуссель Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа реилатәареи “Мрагыларатә партниорра” атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистериали мҩаԥысуеит.

„Иахьа ихадоу хызҵаарак иқәгылоуп. Актәи Украина ауп, аҩбатәи абжьаратә мрагылараҿ ицо аибашьра, ахԥатәы мрагыларатә партниорра азҵаара. Ҳазҭагылоу амчыбжь азы Қырҭтәыла акандидат статус анашьара сазыԥшуп.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр сиԥылеит, иубарҭоуп Евроеидгыла алалара ажәлар мацара ракәым изҭаху, ари анапхгара рыгәҭакгьы ауп. Ари ҳаргәырӷьоиит, Қырҭтәыла ареформақәа рымҩаҿ ҳацхраарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит”, – иҳәеит Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Кришьианис Кариньш.