Крис Кунс – Адемократиазы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп ииашоу алхрақәеи, ихьыҧшым аиашаӡбареи, аекономика ҕәҕәеи
Америкатә Конгресс аделегациа анапхгаҩы, асенатор Крис Кунс аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит.
Асенатор ари аиҧылара ибзианы дахцәажәеит.
«Аоппозициатә гәыҧқәеи ҳареи аконструктивтә аиҧылара бзиа ҳаман. Америка ҕәҕәала адемократиа иадгылоит, адемократиазы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп ииашоу алхрақәеи, ихьыҧшым аиашаӡбареи, аекономика ҕәҕәеи. Қырҭтәыла 30 шықәсатәи ахьыҧшымра аан Америка абарҭ аусхкқәа изныкымкәа аинвестициақәа аланаҵахьеит. Шәара Евроеидгыла алалара шәазҿлымҳазар, аиҳабыреи ауаажәларреи рыгәҭа ареформақәа рымҩаҧгара нашәыгӡароуп», — иҳәеит Крис Кунс.