Кремль ишырҳәаз еиҧш, апараметрқәа зегьы рыла урыстәыла-америкатә диалог алагаразы аӡбара рыдыркылеит, иара убас, Урыстәылеи Америкеи атҟәацәа еиҭнырыҧсахлар ҟалап
Кремль ишырҳәаз еиҧш, апараметрқәа зегьы рыла урыстәыла-америкатә диалог алагаразы аӡбара рыдыркылеит, иара убас, Урыстәылеи Америкеи атҟәацәа еиҭнырыҧсахлар ҟалап

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ишиҳәаз ала,  Москвеи Вашингтони апараметрқәа зегьы рыла адиалог аиҭалагаразы аӡбара рыдыркылеит.

Песков иажәақәа рыла,  иара убас, Урыстәылеи Америкеи атҟәацәа еиҭнырыҧсахлар ҟалап.

„ Апараметрқәа зегьы рыла урыстәыла-америкатә диалог алагаразы аӡбара рыдыркылеит, иара убас, Урыстәылеи Америкеи рыбжьара атҟәацәар реиҭныҧсахлара аетап ҿыц иалагар  ҟалап“, – иҳәеит Дмитри Песков.