Кремль ишырҳәаз ала, «Азовсталь» ахьчаҩцәа Ҭырқәтәылантә рыҧсадгьылахь рыхынҳәра азҵаара иадҳәаланы  аилыркаарақәа иазыҧшуп
Кремль ишырҳәаз ала, «Азовсталь» ахьчаҩцәа Ҭырқәтәылантә рыҧсадгьылахь рыхынҳәра азҵаара иадҳәаланы  аилыркаарақәа иазыҧшуп

Урыстәыла ишырҳәаз ала, Ҭырқәтәыла ала абаталион  «Азов» анапхгаҩцәа украинатәи аган рыҭарала аҭырқәцәа  аиқәшаҳаҭра еиларгеит. Кремль ишырҳәаз ала,  Москва ари азҵаара аилыргара иалагахьеит.

Кремль ахаҭарнак  Дмитри Песков ишазгеиҭаз ала,  Москва ари афакт иадҳәаланы аилыркаарақәа иазыҧшуп,  анеҩстәи аиқәшаҳаҭрақәа рҿы ари афакт иазҧхьагәарҭоит.

Ҵыҧх,  мшаҧы анҵәамҭаз,  урыстәылатәи арбџьармчқәа  ҩ-нызқьҩык раҟара украинатәи аруааи  «Азов» ақәҩаҧцәеи  Мариуполь иҟоу азауад  «Азовсталь» аҿы амацәаз иҭаркит.   Лаҵара агәҭаны дара абџьаршьҭаҵара иалагеит. Атәҟацәа реиҧныҧсахлара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны,  украинатәи атҟәарантә рхы иақәиҭыртәит  56ҩык,  Украина анапхгара ирырҭеит  215ҩык,   «Азов» алидерцәагьы инрылаҵаны.   Урыстәыла аҳәарала,  иахьауажәраанӡа дара Ҭырқәтәыла иҟан.  Иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы Украина ахада Владимир Зеленски  Ҭырқәтәыла даҭааин,   Реџьеп Таип Ердоҕан диацәажәеит. Киевҟа даныхынҳәуаз,  Зеленски  Telegram-каналаҿ иҩит иара ицны аҧсадгьылахь ишыхынҳәуа  «Азова» ақәҧаҩцәа  — Денис Прокопенкои, Свиатослав Паламари, Сергеи Волынски, Олег Хоменкои Денис Шлегеи.